Қәычбериа анард ахәмарразы атурнир азы: ахәмарыҩцәа џьбаран
© Sputnik
"Хымш ицоз атурнир иалахәын 74-ҩык. Аҵәҭаԥсарала иалкаан еицыхәмаруаз, сара сакәзар, хәба-хәба хәмарра мҩаԥызгеит, дара зегьы рҿы аиааира згеит. Ахәмарыҩцәа џьбаран, аха сара маҷк иаҳа исықәманшәалхеит. Афиналтә хәмарраҿы аԥхьа 6-1 ҳәа аҵахара саҿын, аха нас азар ааҳәын, 10-11 ҳәа аиааира згеит. Азарқәа аҵәца хәыҷкәа ирҭаԥсаны иҳаршәуан, џьара еилагарак ҟамларцаз. Атурнир ахьынӡамҩаԥысуаз ахәаԥшцәагьы рацәан, урҭи ахәмарыҩцәа рхаҭақәеи атурнир азҿлымҳара бзиа арҭеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәычбериа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.