АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Алма-Ата, зҟынтәи аилахәыра Bek Air иатәыз аҳаирплан Fokker-100 шьҭыԥрааз, Facebook аҟны арыцҳара ахронологиа акьыԥхьит.
Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 5:35 рзы апассаџьырцәа рҭаҩра иалагеит, асааҭ 6:35 рзы ихдыркәшеит. Ауаа рақәтәара асааҭ 07:03 ихыркәшан. Аҳаирплан шьҭыԥрааит асааҭ 07:21 рзы. Асааҭ 07:24 аҳаиртә баӷәаза авариа-еиқәырхаратә команда еизган аԥшьыркца 6 "К" аҟны. Аԥырра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥшьыркца 20 "А" аҟны арыцҳара ҟалеит ҳәа рылаҳәан асааҭ 07.35 рзы.
Амцарцәаҩцәа раԥхьатәи ргәыԥ аҭыԥ ахь инеит асааҭ 07:36 рзы. Апассаџьырцәа ревакуациа иалаган.
Аҭыԥ аҿы аус руан 22 ак атехника ҷыда, иара убасгьы 83-ҩык аиқәырхаҩцәа.
Асааҭ 08:10 рзы зхы иахәоз апассаџьырцәа атерминал ахь инаган.
Аҳаирпланқәа Fokker-100 рыԥырреи аилахәыра аусуреи аамҭала иаанкылоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҟазахсҭан апассаџьыртә ҳаирплан каҳаит