Ҟазахсҭан апассаџьыртә ҳаирплан каҳаит

© Комитет по ЧС МВД Казахстана / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрушение пассажирского самолета в Казахстане
Крушение пассажирского самолета в Казахстане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟазахсҭан аиндустриеи аинфраструктуратә ҿиареи рминистрра Fokker 100 иаҵанакуа аҳаирплан хкқәа рыԥырра аамҭала иааннакылеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Авиоеилахәыра Bek Air иатәу аҳаирплан Fokker 100 Алма-Ата аҳаиртә баӷәазаҟынтә ианышьҭыԥраа ашьҭахь хланҵы иҭалеит, акаҳараан ҩеихагылак иҟоу ахыбра иаахеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Казахстан.

Иҟоу адыррақәа рыла 15-ҩык ҭахеит, ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 35-ҩык. Зынӡа Fokker 100 иҭан 95-ҩык апассаџьырцәеи хәҩык аекипаж аилазаареи.

"Ахәыҷтәы хәышәтәырҭатә Центр ахь инагоуп ааҩык ахәыҷқәа. Еиуеиԥшым ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 22-ҩык. Аҭыԥ аҟны иҭахеит 14-ҩык", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Зықьҩык инарзынаԥшуа аус руеит аҳаирплан ахькаҳаз аҭыԥ аҿы ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"976 –ҩыки 70 ак атехникеи аус руеит. Аҭыԥ аҿы иҟоуп ацхыраара ласы абригадақәа 33. Аҭыԥ ахь уаҩ днарышьҭуам", - рҳәеит аусбарҭаҟны.

Ҟазахстан ахада Касым-Жомарт Токаев иҭахаз ргәакьацәа дрыдашшылеит.

Иаԥҵоуп аԥыза-министр Аскар Мамин зхадараҿы дыҟоу аиҳабыратә комиссиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0