АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. 2019 шықәса ҭагалан азы арра инарыԥхьаз Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа 200-ҩык инарзынаԥшуа инарҵауланы апсихологцәа агәаҭара иахрыжьит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Аруаа апсихологиатә тестқәа ирхыжьын арратә психолог ҳаамҭазтәи ихархәагақәа рыла (АРМ ВП). Ари апрограмматә еиқәыршәара ахала иалшоит атест здырҟаҵо ахаҿы ипсихика аҭагылазаашьа ашьақәыргылара, ахәшьара аҭара, иаанарԥшуеит ихымҩаԥгашьа аҷыдарақәа, иазгәанаҭоит изнеишьақәа.
Ахархәара ззыруа аппаратура асканер ацхыраарала напыла ихарҭәаау абланкқәа анализ рызнауеит. Ари аԥсихолог иусура алҵшәақәа акыр иарҳаранакуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵоит
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа 40 еиндаҭлара рҟны аиааира ргахьеит