Арадио

Какалиа: адгьыл иқәаарыхуа анҭыҵ ииго абаџь ақәымзароуп

Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Амиран Какалиа арадио Sputnik аефир аҟны ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит анхаҩы анҭыҵ ииго иаарыхра абаџь ақәҵара азҵаара шыҭҵаатәу, иаԥыхтәуп зынӡагьы ҳәа агәаанагара шимоу.
Sputnik
Какалиа: адгьыл иқәаарыхуа анҭыҵ ииго абаџь ақәымзароуп

"Абра иҟауҵо, иааурыхуа анҭыҵ иугозар иақәымзароуп абаџь. Ақыҭа аџьабаа ду ацуп, адгьыл иқәаарыхуа есымшагьы ацхыраара, ҷыдала азҿлымҳара имазароуп. Иҟоуп ииашамкәа иахьрыдыркылазгьы абаџь, иаԥыхтәуп зынӡагьы. Сгәаанагарала абаџь ацитрус азы аума, араса, ақыҭаҿы иаадрыхуа даара уазҿлымҳаны, игәаҭаны ишьақәырӷәӷәатәуп. Убри азы аицәажәарақәа бзианы цоит, имаҷымкәагьы иҟаҵоуп, аха ҳауаажәларгьы еилыркаароуп ҳҳәынҭқарратә биуџьет асоциалтә хырхарҭа шамоу, ацхыраара зҭатәу маҷым", -ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: