АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ арратә полициа ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рымҩаԥысраан арежим ҷыдахь ииасуеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
"Арратә дисциплинеи азинеиҿкаареи реиқәыршәара аҽазнархиоит ар ргыларҭа ҭыԥқәа рҟны арратә полициа ахәҭа. Уахи-ҽни аҷаԥшьара мҩаԥгахоит, арратә патруль агәаҭарақәа мҩаԥыргоит", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.
Убри аан арратә қалақь аҩныҵҟа имҩаԥгахоит аныҳәатә уснагӡатәқәа.
Арратә полициа ахархәаразы ирымоуп акәылӡы зқәу автомашьынақәа, ахархәага ҷыдақәа, "Колпак", "Черепаха".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҵаа Бабаду Аԥсны иҟоу аурыс аруаа 200 ҭаацәара инарзынаԥшуа дрыдныҳәалоит