Арадио

Ачԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ахшараируҭаҿы шаҟаҩы ахәыҷқәа ииз

Аҟәатәи ахшараиурҭа аҳақьым Лиана Ачба арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц ауха амедицинатә усбарҭаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшраз.
Sputnik
Ачԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ахшараируҭаҿы шаҟаҩы ахәыҷқәа ииз

"Ашықәс ҿыц ауха хә-ҩык ахшара иит, ԥшь-ҩык азӷабцәеи ҷкәына заҵәыки. Аӡӷабцәа риира аҭынчра иазкуп, ҳгәыӷуеит ус иагьыҟалоит ҳәа. Ахәыҷқәа ргәы бзиоуп, анацәагьы ус. Хә-ҩык рахьынтә х-ҩык аԥсацәоуп, аӡәы милаҭла доурысуп, егьы дермануп. Ахшараируҭаҿы дыҟан Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа. Ашықәс азы ииз раԥхьатәи ахәыҷы, уи х-кьылаки ҩышә грамми иҟаз аҭыпҳа Бганԥҳа лан лнапаҟны илыҭан шәнызқь мааҭ аԥара. Есышықәса Ашықәс ҿыц ауха ииз ахәыҷы ҳамҭала далыркаауеит, уи шьҭа ԥҟарак иаҩызахеит", - ҳәа лҳәеит Ачԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.