Арадио

Ашәба Анри Џьергьениа изы: раԥхьа игылаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын

Аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥараҿы Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Анри Џьергьениа илагала атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Ныгәзар Ашәба.
Sputnik
Ашәба Анри Џьергьениа изы: раԥхьа игылаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын

79-шықәса дшырҭагылаз Москва иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Анри Џьергьениа.

"Уаҩык иаҳасабала, аԥсыуак иаҳасабала, аҵареи адырреи бзиа змаз, абаҩхатәра злаз, зус здыруаз, ҳмилаҭ ирылиааз аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа раԥхьа игылақәаз дыруаӡәкны дсыԥхьаӡон. Анри Михаил-иԥа Асоветтә мчра аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан. Иара ихы ааирԥшит амилаҭтә қәԥара ҳанааҭагыла аамҭазы. Владислав Арӡынба зегь реиҳа дааигәаны дыздыруаз, шьаҟас иҵагылаз иакәын. Урҭ рҩыџьа зегь реиҳа аџьабаа еидырбалеит амилаҭтә -хақәиҭратә қәԥараан. Анри Михаил-иԥа аиурист иаҳасабала мацара акәымкәа, уаҩык, патриотк иаҳасабала, ҵарауаҩык иаҳасабала аусқәа мҩаԥигон. Иара Владислав Арӡынба иқәгыларақәа рҿы абжьгаҩыс иҟаз иакәын, уи ивсны иарбанзаалак шәҟәык, зҵааразаалакгьы, инапы ахымгакәа ицомызт. Аибашьра ашьҭахь, 1994 шықәса рзы иаԥҵаз, аԥсуа -ақырҭуатә еимакы аполитикатә ҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра, иара иахьагьы аус зуа, еиҿызкааз, иаззырхиаз Анри Џьергьениа иакәын", - ҳәа игәалаиршәоит Ашәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.