1993 шықәса ажьырныҳәа 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Ажәылара лҵшәадахеит, иҟалеит иҭахаз, ахәра зоуз, аӷа импыҵашәаз.
"Усҟан абаталионқәа ыҟамызт, агәыԥқәа ракәын. Ҳара ҳгәыԥ Аҟәаа рыҷкәынцәа злахәыз 30-ҩык раҟара ҳаҟан. Ианар 5 рзы ажәылара хымш шыбжьаз иҳарҳәан, ҳаԥшын хҽырхианы. Ашьыжь ҳандәықәла ҳҩыза, Руслан Ешба дҭахеит, хгәыԥ аҟынтәи Алхас Бганбагьы дҳацәҭахеит. Ҳгәыԥ абжаҩык аӡы ирхьан, абжаҩык арра ҳаҿын, шьҭахьҟа шәгьежьы, иамуӡеит ҳәа анҳарҳәа. Нас егьи аганахь аӡы ирхьазгьы шьҭахьҟа игьежьит. Ҳгәыԥ амшын аганахь ҵаҟатәи ацҳала аӡы ируан. Даргьы ирдыруан (ақырҭцәа - аред.) ажәылара ҳгәы ишҭаз. Асы шьҭан, ахьҭа ыҟан. Адырҩаҽны иҳацәҭахаз аҷкәынцәа алҳгеит. Руслан Ешба дҭахеит ихәны иҟаз аҷкәын дышҭигоз. Дара ахьыҟаз рааигәа узнеиуамызт, аснаиперцәа тәан. Мышкы ҳаԥшын ҳҩыза дҭаҳгарц. Ладариа ҷкәынак Гагратәи дҳацеибашьуа, амч илан. Ашаха иманы аӡы дырит, егьи аҵыхәа ҳара иаҳкын, ибӷа Руслан Ешба дықәҵаны дҭигеит. Алхас Бганба командаҟаҵаҩс дҳаман. Иара аҷкәынцәа аӡы ирыз, арахь ианыгьежьуаз ихьчарц дхысуан, дҭахеит", - иҳәеит Басариа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анаҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.