Арадио

Аб Игнати: кәашарала, шәаҳәарала акәымкәа, матанеирала иаԥылоит Қьырса иира амш

Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Киут) арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Қьырса аныҳәа аҵакы атәы.
Sputnik

Қьырса ихадоу ақьырсиантә ныҳәақәа иреиуоуп. Уи иаԥылаанӡа аиашақьырсиантә динхаҵара аԥҟарақәа ирықәныҟәо 40 мшы ичгоит. Қьырсаныҳәа инаркны ауп ҳашықәсԥхьаӡара шаауа.

Аб Игнати: кәашарала, шәаҳәарала акәымкәа, матанеирала иаԥылоит Қьырса иира амш

"Қьырсаныҳәа аҵак ду амоуп, жәытәнатә аахыс иазыԥшын Қьырса иира. Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзгьы аԥшьанҵақәа рҟны иҟан адырра ауаа еидызкыло ацқьа дииуеит, рыгәнаҳақәа рхихуеит ҳәа. Қьырса иира аџьашьахәқәа ацын, аха убас иацын амыҟәмабарақәагьы. Аҳ Ирод уи ишьра дашьҭалеит, уи иахҟьаны 14 нызқьҩык ҩышықәса рҟынӡа зхыҵуаз ахәыҷқәа Вифлеем иҭадырхеит. Иаанхаз урҭ рыбаҩқәа Иерусалим иҟоуп.

Қьырса диит ҳара ҳзы, ҳагәнаҳарақәа ҳхыхразы. Иахьа ақьырсиан ԥсҭазаара зегьы иара илоуп ишыҟоу, иара иахь абзиабара ауаа ауахәамақәа рҟны еизнагоит, иныҳәоит, кәашарала, шәаҳәарала акәымкәа, матанеирала иаԥылоит Қьырса иира", - ҳәа азгәеиҭеит аб Игнати.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.