Аҳәа еилыршьит: Гаграа аристократиатә олимпиатә спорт хкы аԥсы шҭарҵаз

1950 шықәсқәа рзы Гагра имодахеит аҳәеилышьра захьӡу аспорт хкы. Уи азҿлымҳара арҭо иалагеит ҷкәыни ӡӷаби. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ҳтәылаҟны ари аристократиатә спорт аҩаӡара злашьҭыҵыз еиҳарак Гаграа иаадырԥшуаз алҵшәа бзиақәа рыла акәын.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, аристократиатә олимпиатә спорт хкы ахь иаҵанакуа аҳәеилышьра ашьаҭа кын хнызқь шықәса раԥхьагьы Мысра. Аха аҳәа ҟазарала анапаҿы аагара аҳасабала Испаниа иит ҳәа иԥхьаӡоуп ажәохәтәи ашәышықәсазы.

СССР аамҭақәа раан, аҳәеилышьра ажәлар ирылаҵәаз, ҳаҭыр змаз спорт хкын. Еиҳарак аҿар иргәаԥханы рҽазыҟарҵо иалагеит аекранқәа рахь акиносахьа "Хҩык амушкетиорцәа" анцәырҵыз ашьҭахь. Шәҩыла аԥсуа ҿаргьы аиааирахь агәазыҳәареи, рҟазшьеи, раамысҭашәареи аадырԥшуан аҳәеилышьра амҩахәасҭаҿы.

Рыцҳарас иҟалаз, абиԥарак анымҩас ашьҭахь ауп, ари ақьабз бзиа ҩаԥхьа Гаграҟа ихынҳәуа ианалага. Жәларбжьаратәи акласс ачемпион Џьамал Анқәаб ихьӡ ахҵаны аҳәеилышьра ашкол аартрала иахьа Гагра ари аспорт хказы аепоха ҿыц алагеит ҳәа ҳҳәарц ҳалшоит.

Аҳәа еилыршьит: Гаграа аристократиатә олимпиатә спорт хкы аԥсы шҭарҵаз

"Дыҟамзар ҟалап иахьа Гагра 40-45 шықәса ирҭысхьоу аӡәы аҳәеилышьра ашкол ахь имнеихьаз, уи аиҿкааҩ Роза Џьологәуаԥҳа лыӡбахә змаҳацыз. Аибашьра ҟалаанӡа аҿар аӡәырҩы ари аспорт хкы иалахәын. Ирацәаҩӡан Аԥсни, Қырҭтәылеи, жәларбжьаратәи акласси рчемпионцәа. Џьамал Анқәаб, Едуард Киут, Нелли Барцыцԥҳа, Фатима Хышԥҳа, Гьаргь Оҭырба, Залина Ҷанԥҳа, Вадим Куциа, Владимир Мықәба, Констанстин Чрыгба, Адольф Шамба, Тариел Долиӡе – еиқәуԥхьаӡо уалагар, Гаграа рыбжеиҳараҩык рыхьӡ уҳәар акәхоит аҳәеилышьраҟны изныкымкәа атитулқәа ирыԥсахахьаз. Иахьа, 27 шықәса раахыс иаҳцәыӡны иҟаз аҳәеилышьра аиҭаҿиара амҩа иахьанылаз агәахәара дуӡӡа ҳнаҭоит, ҳқәыԥшра ҳгәаланаршәоит, ҳгәы арԥшаауеит", - лҳәоит Гагра иаарту аҳәеилышьра ашкол аиҿкааҩцәа ируаӡәку, аамҭала ари аспорт хкы иазҿлымҳаз Нана Қапԥҳа.

Аҳәа еилыршьит: Гаграа аристократиатә олимпиатә спорт хкы аԥсы шҭарҵаз

Аҳәа зҟьо аспортсмен иахәҭоу маҭәалеи маҭәахәылеи деибыҭазароуп. Ишәҵатәи, исабрадеи, дахьеиндаҭло амҩахәасҭа ҷыдеи аелектронтә системала еиқәыршәоуп. Еиҳа аҳәа аԥынҵа зкьысуа даҵахоит. Аочкоқәа унарбоит уи адкьыслара зныруа аелектронтә маруга.

Аҳәа еилыршьит: Гаграа аристократиатә олимпиатә спорт хкы аԥсы шҭарҵаз

Аҳәеилышьра ахарџь зцу спорт хкуп. Асабрада мацара шә-долларк иаԥсоуп. Убри инамаданы, Гагратәи ашкол имаҷымкәа ауадаҩрақәа амоуп.

"Аҳәеилышьра аиҭаҿиара азҵаара ҳаналацәажәоз, ибзиаӡаны иаҳдыруан ҳаԥхьаҟа апроблемақәа зцәырҵуаз, аха уеизгьы ҳариааиуеит ҳәа ӡбаны ҳаанымгылеит. Ҩышықәса раԥхьа иҟаҳҵаз аҳәарала, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иаҵанакуа жәларбжьаратәи аиҿкаара COBERM абзоурала ҳхәыҷқәа Ереван иганы иахәҭаз маҭәалеи маругалеи еиқәдыршәазар, иахьа Гагра араион аҵара аҟәшеи, аҭаацәеи, аҳәеилышьра аспорт аветеранцәеи рымчала асекциа шьақәгылоуп, уимоу ҳаспортсменцәа Аԥсны анҭыҵ аиндаҭларақәа ирылахәуп", - ҳәа азгәалҭоит Нана Қапԥҳа.

Гагра иаарту Џьамал Анқәаб ихьӡ зху аҳәеилышьра ашкол азыҟаҵаҩыс дамоуп Аԥсны ачемпион, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР аспорт азҟазарахь акандидат, 1983 шықәсазы аҳәеилышьразы Аԥснытәи еизгоу акоманда акапитанс иҟаз Иури Орлов. Иара бзиа иибоз аус даназыхынҳә ашьҭахь хымз ааҵуаны илиршеит Гагратәи ахәыҷқәа Шәача имҩаԥысуаз арегионалбжьаратә еицлабрақәа рылархәра. Аҳәеилышьраҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз аспортсменцәа усҟан аԥхьахәтә ҭыԥқәа раанкылара рылдыршеит.

Аԥснытәи аҳәеилышьҩы аҩбатәи аҭыԥ игеит Шәачатәи атурнир аҟны

"Аԥсны Аҳәеилышьразы афедерациа аԥҵаӡам азы, Урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии аҩаӡара змоу атурнирқәеи аицлабрақәеи рахь ҳазцаӡом. Аха агәра ганы ҳаҟоуп ари азҵаара иаарласны ишыӡбахо. Макьаназы мчыбжьык хынтә Гагратәи абжьаратә школ №2 аспорттә зал аҟны ҩба-ҩба сааҭ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит. Аҭагылазаашьа анҳауа Шәачагьы ҳцаны ахәыҷқәа аус анрыдаауло ыҟоуп", - ҳәа ҳаилиркааит азыҟаҵаҩ.

Аҳәеилышьразы ашкол ахь иахьазы иныҟәоит бжьышықәса инадыркны 12-нӡа зхыҵуа 13-ҩык ахәыҷқәа.

Уажәааигәагьы дара Шәачатәи аицлабраҿы ибзианы рхы аадырԥшит.

Аԥсуа аҳәеилышьцәа Шәачатәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит

Александра Матосиан хымз роуп иҵуа ари ашкол даҭаауеижьҭеи, аха лара агәра лгоит иааиуа ашықәс ҿыц азы лазыҟаҵаҩ Гагратәи акоманда дахәҭакны Шәачатәи аицлабрақәа рахь дшишьҭуа.

"Аҳәеилышьра аӡбахә сара аҵара ахьысҵо Гагратәи абжьаратә школ №2 аҟны ауп иахьсаҳаз. Араатәи аспорттә зал аҿоуп аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа азы, исзыманшәалоуп, насгьы избап аинтересс иаҵоу ҳәа аасгәахәын, сныҟәо салагеит. Раԥхьанатә аҳәа снапаҟны иааиуамызт, уи сгәалаҟазаара бжьнахуан, уажәшьҭа сашьцылан, атурнирқәа рахьгьы ацара сҭахуп", - лҳәоит ахәыҷы.

Ҳазҭалаз 2020-тәи ашықәс ҿыц азы, аҳәеилышьра ашкол иахәҭаку зегьы агәыӷра аадырԥшуеит ари аспорт хкы аҿиарамҩа ианылап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: