Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра Роман Кәарҷиа далахәхаӡом

Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы имҩаԥысуан ахашшараратә инстанциа аилатәара, алхрақәа рылкаақәа рганахь ала Алхас Кәыҵниа инеишьҭыз ашшыԥхьыӡ инамаданы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа азашшҩы идукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәа иақәшаҳаҭхеит. Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра Роман Кәарҷиа далахәхаӡом ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра иалагеит

Аханатә ахашшааратә комиссиа иалахәын аӡбаҩцәа: Ҭемур Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳа.

Роман Кәарҷиа иалгара ашьҭахь еиҿкаахоит аилазаара ҿыц. Аилазаара аиҿкаара аҿҳәара азгәаҭам.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: