Аоппозициаа рыдгылаҩцәа ахада Иусбарҭа ахыбрахь иҩналеит

Цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 -Sputnik. Зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит, ахыбра аҩналара рҽазыршәеит. Урҭ рыхәҭак ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Аоппозициаа рхаҭарнакцәа атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит

Шәҩыла еизаз ауааи ахыбра ахьчаҩцәеи рыбжьара аиҿагыларақәа аҭыԥ рымоуп ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.