Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра иалагеит

Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Аилатәара далахәуп – Алхас Кәыҵниа.

Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра ҽаантәи ашықәс ахь ииаргеит

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Ахашшааратә комиссиа иалахәуп аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳба. Аӡбарҭа ахыбра рыхьчоит.

Цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра иалагеит

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аусура иалагеит акандидат Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инақәыршәаны
  • Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ианахәаԥшуа аҿҳәара шьақәыргылоуп