Витали Габниа: Ҳаџьымба алхра ҿыцқәа рахь анеира игәҭакуп

Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа рахь инеишьҭит Аслана Барцыци Витали Габниеи.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымба алхра ҿыцқәа рахь анеира игәҭакуп иҳәеит уаанӡатәи ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

"Ахада ақәҵра игәы иҭаӡам, аха уи апроблема аӡбом. Акомпромисс аҭахуп. Абри аус иалахәуп урыстәылатәи аган", - иҳәеит иара.

Габниа иазгәеиҭеит 2014 шықәсазтәи аҭагылазаашьеи уажәтәии шеиԥшым. Усҟан аӡәгьы амчра анапахьы аагара игәҭакымызт, ирҭахыз Гал араион аҿы атәылауаҩшәҟәқәа ршара аанкыларакәын.

Атәыла ахада идгылаҩцәа рахь дзымнеиит Рашид Нургалиеви иареи реиԥылара ахьымҩаԥымсыц инамаданы ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Аршба иазгәеиҭеит Ҳаџьымбеи Нургалиеви реицәажәара иатема хаданы иҟоу ауаа реинҟьара алмыршароуп ҳәа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ахада Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы азашшра шигәҭаку.