Урыстәылатәи аруаа аныҳәамшқәа раан аекскурсиақәа рзымҩаԥган

Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аруаа рҭаацәеи дареи жәаба рҟынӡа Аԥсны иҟоу аҭоурыхтә ҭыԥқәа ирҭааит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рҭаацәеи дареи рзы аныҳәамшқәа раан аекскурсиақәа мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа авиртуалтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аруаа рҭаацәеи дареи жәаба рҟынӡа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа ирҭааит. Дара неины ирбеит Афон ҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа", ихалеит Анаҟәаԥиатәи абааш (IV-XIX вв.) ахь, Аԥсуа ҳәынҭқарра амузеи иаҭааит, иара убасгьы Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалеит.

Аекскурсиақәа ирылахәын 500-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа.

Ашықәс ҿыц азы иара убасгьы еиҿкаан еиуеиԥшым аныҳәатә уснагӡатәқәа: аиндаҭларақәа, аконцертқәа, ақәгыларақәа.