АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы

Аԥсны Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхра ҿыцқәа рымҩаԥгара арыцхә ашьақәыргыларазы аилатәара мҩаԥнагеит амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа хадаҟны ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә шьақәдыргылеит, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәсазы", - ҳәа акомиссиа аилатәара ашьҭахь абрифинг аҟны аӡбамҭа рылеиҳәеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Акомиссиа алахәылацәа зегьы еицҿакны ари аӡбамҭа рыдыркылеит. Иара убас, Гогьиа иажәақәа рыла, алхрақәа ирылахәхар рылшоит уаанӡатәи акандидатцәеи акандидатцәа ҿыцқәагьы.

АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы

Убри адагьы, Алхратә комиссиа хада аилатәараҟны зҵаарас ишьҭыхын ахантәаҩы иалхра, ҩаԥхьа еицҿакрыла АКХ ахантәаҩыс далхын Ҭамаз Гогьиа.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: