Ахәаҷба Аԥсны аҭагылазаашьазы: иумоу зыԥсоу узымдырыр, иумпыҵӡаар ҟалоит
© Sputnik
"Аԥсны иҟоу аилаҩеиласрақәа ҳгәы ҳдырхьуеит, ашәаӡыӡара ҳазцәырыргоит. Аԥсуа жәлар тәылак ауп иҳамоу. Иумоу зыԥсоу узымдырыр, Анцәа иумҳәан, иумпыҵӡаауеит. Убри есқьынагьы ҳазхәыцлароуп. Аԥсадгьыл зыԥсоу ҳара амҳаџьыраа рхылҵшьҭрақәа иаҳа иаҳдыруашәа сгәы иаанагоит.
Аԥсадгьыл зыԥсоу ҳазхәыцны, изыхьчаз ҳрызхәыцны, аҭынчра мҩақәа ԥшаатәуп. Аԥсуа жәлар срыкәахшоуп, уажәазы изқәу амҩа лашьцоуп. Амҩа лашахьы шәхынҳәы, Анцәа ҳрыцҳашьа!", - иҳәеит Ахәаҷба.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.