Арадио

Ашәба аныҳәақәа ирызкны: ахы-аҵыхәа ҭымҵаакәа аԥсуа иныҟәигоит ҳәа далагомызт

Аԥсуа ныҳәақәеи адәныҟантә иҳаднагалази реишьашәалашьа азҵаара иазкны арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аетнолог Арда Ашәба.
Sputnik

 

Ашәба аныҳәақәа ирызкны: ахы-аҵыхәа ҭымҵаакәа аԥсуа иныҟәигоит ҳәа далагомызт

"Аԥсуа жәлар еицҳзеиԥшны иҳамоу аныҳәарақәа ҳхаҿра, ххатә знеишьа, афилософиа, анцәахаҵара, ахӡыӡаара, шәарак, гәыбылрак, бзиабарак ацуп. Ақьырсианра атәы зҳәо акәзар, уи ныҟәызго ажәларқәа рацәаҩуп, аха убри аан зегьы ирышьашәало рхатә хаҿра аныԥшуа иҟоуп. Насгьы шьоукы ргәы иаанамгааит ақьырсианра атәы анаҳҳәо аурысцәа ртәы ҳаҿыԥшуеит хәа, избанзар урҭ ироуаанӡа ашәышықәсақәа раԥхьа ҳара иҳаман… Иҟоуп аԥсуаа иаҳтәу аныҳәақәа реиԥш, ажьымдыр еиԥш иаҳныруа. Иахьатәи аҿар аинтернет иҭоуп, адунеи зегьы еицазгәарҭо ҳаргьы иазгәаҳҭап хәа иалагоит, аха зхы пату ақәызҵо аԥсуа ахы-аҵыхәа закәу изымдырӡакәа, уи дадгыланы иныҟәызгоит ҳәа далагомызт", - иҳәеит Ашәба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир ала адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.