Ҳаџьымбеи Нургалиеви еиԥылеит

Ажьырныҳәа 10 ахәылбыҽха Аԥсныҟа дааит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев урыстәылатәи амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа злоу аделегациа даланы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит

Ҳаџьымбеи Нургалиеви иалацәажәеит ареспубликаҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, уи аҭышәныртәалара амҩақәа, иара убас аиҳабыреи аоппозициеи реиҿцәажәара шалыршатәу. Адырраҭара ишаанацҳауа ала, Нургалиев уаанӡа аоппозициаа дырԥылеит, аиԥыларақәа раан иазгәаҭан урҭ рхымҩаԥгашьа азинтә ҳәаақәа ирҭымсыр шакәу, иара убас аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аанрыжьыр шаҭаху.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Аиҿцәажәара ада ԥсыхәа ыҟам: аполитолог аԥснытәи акризис алҵшьазы

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: