"Сыеҵәахә кыдуп": аеҵәақәа ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа

Аеҵәақәа ирыдҳәаланы ҳажәлар ирымоу агәрагарақәа ртәы Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ажәытә ҵасқәа иргәылааӡаз ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа рҟнытә инеимда-ааимдо иааргоз адыррақәа ируакуп аеҵәақәа ирыдҳәалоу агәрагарақәа.

"Афы усааит": адыд-амацәыс заахаз рныҳәара

Избан акәзар, ҳмилаҭ ржәытә дунеихәаԥшышьа злаҟаз ала, аеҵәақәа ус баша ԥсабаратә цәырҵрамызт, ауаҩԥсы иԥсҭазаара иадҳәалан. Ҳажәлар рҿы жәытәаахыс иҟан ҳҳәар алшоит, аеҵәақәа ирыдҳәалоу, ихадароу агәрагарақәа ҩба: "Ажәҩан аҟны заҟа еҵәа ыҟоу аҟара, ауаагьы адунеи иқәынхоит"; "Аеҵәа анкыдшәо ауаҩы иԥсы ацкашәоит".

Арҭ аҩгәрагарак ҵаҵӷәыдамызт, избанзар аԥсуаа ауаҩы иԥсҭазаара шьаҭас иазышьҭоу еҵәоуп, адунеи аҿы иаақәу ауаатәыҩса рыцыԥхьаӡа еҵәак-еҵәак ыҟоуп ҳәа азырыԥхьаӡон.

Ҳажәлар рҿы традициала наџьнатә аахыс иаауа абас иҟоу аҵас рыман. Дарбанызаалак ииаҵәахә ажәҩан аҟны икыдуп, ауаҩы даниуа ииаҵәахәгьы ициуеит. Уи жжаӡа ажәҩан икыдзаауеит ауаҩы дыҟанаҵы, даныԥсуа алашара ҿыцәааны инкыдшәоит. Убри азы иахьа уажәраанӡагьы атәы здыруа, ажәҩан аҿынтә аеҵәа кыдшәаны ишлеиуа збаз ауаҩы хынтә еиқәырццакны абарҭ ажәақәа иҳәоит: "Сыеҵәахә кыдуп, сызҭаху-исҭаху зегь рыеҵәахә кыдуп". Уажәыгь уи аҵас ныҟәызго, издыруа маҷӡам.

Аԥсуаа рҿы иахьагьы даараӡа ишәира бааԥсуп ҳәа иԥхьаӡоуп "ииеҵәахә кыдшәааит" анырҳәо. Мамзаргьы ауаҩы дзықәгәыӷуа, мчыс, гәыӷырҭас ииԥхьаӡо, ҭынхарыла изааигәоу аӡәы дыԥсыр, иҳәар алшоит "сыеҵәахә кыдшәеит" ҳәа. Убасгьы аиҳабацәа ирҳәалоит аеҵәақәа рыԥхьаӡара ҵасым ҳәа. Аеҵәақәа сыԥхьаӡоит ҳәа иалагаз урҭ заҟа иԥхьаӡаз аҟара кынҵыҵыраны ицәа-ижьы иақәгылоит, мамзаргьы деилышәшәоит ҳәа агәра ргон.

Габниаԥҳа: аԥсы ихәо, имыхәо ажәлар ирызнагатәуп, ихырҵәагои иаҭахыҵәҟьои еиҩыгатәуп

Аеҵәахәқәа ирызкны ара зыӡбахә ҳамоу амифтә дунеихәаԥшышьа иеиԥшу рымоуп кавказтәи ажәларқәагьы.

Иаагозар, еиҳараӡак хылҵшьҭрала иаҳзааигәоу адыга жәлар рҿы жәытәаахыс ирымоуп абас еиԥш иҟоу ашәира: "Уиеҵәахә кашәааит", "Уиеҵәахә ҭашәааит". Аԥсуаа реиԥш адыгақәагьы агәра ргон досу ииаҵәахә ажәҩан аҿы икыдуп ҳәа. Адыг аеҵәа кашәо ибар, аӡә дыԥсызаап ҳәа иԥхьаӡон, иагьиҳәон: "Анцәа суҳәоит аԥсҭазаара наӡа сыҭ, сиаҵәахә ажәҩан аҿы исзынкыл". Адыгаа ржәытә мифологиатә днеихәаԥшышьа злаҟаз ала, аеҵәа акашәара адырҳәалон даҽа мзызкгьы. Аеҵәа акашәара зыхҟьо убри ауп аџьныш ажәҩан ахь дхаларц иҽазишәозаап. Уи ажәҩан ахь дхаларц дшаҿу анцәа иангәаиҭалак, дизгәааны аеҵәа игәыдиҵоит.

Иара убас, аԥсуаа ҳаиԥш аславианцәагьы ирымоуп аеҵәа иадҳәалоу агәрагарақәа.