Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы аруаа изаамҭанытәиу реиҭныԥсахлара мҩаԥысит

70% рҟынӡа ҿыц аррахь инаԥхьоу аҿар арратә ҭоубашьҭаҵара мҩаԥганы аԥхьанатәтә ҽазыҟаҵарақәа ирхысит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы аруаа изаамҭанытәиу реиҭныԥсахлара мҩаԥысит. Жьҭаарамза инаркны аррамаҵзура иахысыз рцынхәрас иаашьҭуп 200-ҩык рҟынӡа ҿыц аррахь инаԥхьоу. Абри атәы аанацҳауеит абаза апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи арратә еимадаҩцәа ҩышә рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

70% рҟынӡа ҿыц инаԥхьоу аҿар арратә ҭоубашьҭаҵара мҩаԥганы аԥхьанатә ҽазыҟаҵарақәа ирхысит. Амедикцәеи аԥсихологцәеи агәаҭарақәа ирыхрыжьит.

Апресс-маҵзура адырра ишаҳәо ала Аԥсны иҟоу арратә базақәа рҟны иахәҭаны иҟоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп асолдаҭцәа рыррамаҵзура ахысразы. Рыкрыфарҭаҟны еиҿкаауп "шведски стол" ҳәа изышьҭо аформа. Дасу ииҭаху афатә алихуеит.

Аиҭныԥсахлара инамаданы абазаҿ иҟоу аруаа рзеиԥш хыԥхьаӡара еицакым.