Урыстәылатәи аруаа "Гради" "Акациеи" рыла ахысрақәа мҩаԥыргоит

Ииасыз ашықәс иалагӡаны Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа 600 рҟынӡа ахысразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа 2020 шықәсазы рыптактикатә ҽазыҟаҵарақәа 10% рыла еиҳартәуеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа зқьы инареиҳаны ҽазыҟаҵара мҩаԥыргараны иҟоуп. Асолдаҭцәеи афицарцәеи ахысрақәа мҩаԥыргоит еиуеиԥшым ахысгақәа рыла. Ахысраан ахархәара рыҭан ҳаамҭазтәи акәылӡтәы техника БТР-82АМ, атанкқәа Т-72Б3, ареактивтә системақәа "Град", артиллериатә шьақәгылақәа "Акация".

Аррамаҵзурауаа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит аполигонқәа Аԥсны, Адыгеиа, Астрахантәи, Волгоградтәи аобластқәа иахьрыҵаркуа иҟоу фба рҟны. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: