Макгрегор иқәгыларазы заҟа изыршәо еилкаахеит

Аирландец Конор Макгрегора американец Дональд Серрони еиԥылараны иҟоуп Лас-Вегас ажьырныҳәа 18 рзы имҩаԥысраны иҟоу UFC 246 ақәгылара хадаҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Иеилаԥсоу ақәԥараз ирландиатәи ақәԥаҩ Конор Макгрегор америкатәи аспортсмен Дональд Серрони атурнир UFC 246 аҿы дахьиндаҭло азы изшәахоит х-миллион доллар. Абранӡа инаӡоит иара игонорар ҳәа аанацҳауеит mmafighting.com аштат Невада Атлетикатә комиссиа (NSAC) адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Макгрегор дзындаҭлараны дыҟоу ихьӡ иҳәеит

Аиндаҭлара мҩаԥысуеит иахьа, ажьырныҳәа 18 рзы, Лас-Вегас.

Серрони игонорар аганахь ала аҭыжьымҭа иазгәанаҭоит уи 200 000 доллар ишынаӡо, аиааира игар иара убриаҟара шизшәахо.

Арахь иаҵанакӡом егьырҭ иҟалар зылшо ашәарақәа.

Макгрегор ихаҭа аҳәамҭа ҟаиҵеит 80 миллион доллар аиура шигәиҭоу.

Ажьырныҳәа 17 рзы, аофициалтә капанра ашьҭахь аспортсменцәа рҩыџьагьы рзеиԥшкапан 170 фунтв шьақәнаргылеит ҳәа аҳәоит UFC аофициалтә саит.

Макгрегор жьҭаара 6 2018 рзы атурнир UFC 229 аҳәаақәа ирҭагӡаны Хабиб Нурмагомедов диҵахеит. 31-шықәса зхыҵуа аирландец 21-нтә диааихьеит, 4-нтә даҵахахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: