Арадио

Занҭариа Лиолиа Тәанԥҳа лпоезиа азы: цәаныррак, хьаак, гәҭыхак змам уԥылаӡом

Апоетесса, еицырдыруа ашәа "Аиааира" ажәақәа равтор Лиолиа Тәанԥҳа арадио Sputnik астудиаҟны дигәалаиршәеит лусумҭақәа инарҭбааны еидызкылаз ашәҟәы аԥхьажәа зҩыз апублицист, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
Sputnik

Апоетесса, зегьы еицырдыруа ашәа "Аиааира" ажәақәа равтор Лиолиа Тәанԥҳа ажәырныҳәамза 19 рзы лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵауазаарын 68 шықәса. 

Занҭариа Лиолиа Тәанԥҳа лпоезиа азы: цәаныррак, хьаак, гәҭыхак змам уԥылаӡом

"Ус исцәагозеи ҳәа Лиолиа Тәанԥҳа акгьы лыҩӡомызт. Емоциак, цәаныррак, хәыцрак, хьаак, ӷәҭыхак змам шамахамзар лажәеинраалақәа уԥылазом. Убри ауп апоезиа захьӡыҵәҟоу. Лара лықәра ишаҵанамкуаз ала дҟәышын. Аибашьра ашьҭахь аԥсҭазаара цәгьа аныҟаз иҳаҵалҳәоз рацәан. Иҟалҵоз антервиуқәа рҿы "ҳара" ҳәа акәын дышцәажәоз. Лхәыҷқәеи дареи еибааӡартә еиԥш ллахьынҵа илнамҭеит, лчымазара иахҟьаны дҿыцәааит ацәашьы еиԥш лара. Саида Делԥҳаи лареи рыҟамзаара цәыӡ дууп. Аибашьра ахьаауп дызгаз Лиолиагьы. Аҳәса ирыҩуа апоезиа кәицк аӷроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: