Аиааира "агимн" аԥызҵаз: Лиолиа Тәанԥҳа лгәалашәаразы

© Foto / из архива семьи ТванбаЛиолиа Тәанԥҳа
Лиолиа Тәанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа диит 1952 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Лыԥсы ҭаны дыҟазҭгьы Лиолиа ажьырныҳәа 19 рзы илхыҵуазаарын 69 шықәса.

Лиолиа Тәанԥҳа лажәеинраала "Аиааира" аԥсуа жәлар риааира гимнк аҳасабала азыҟалареи лҩыза ихьӡала ашьха ақәцәахь лхалареи ртәы рҳәеит апоетесса лҩызцәа Борис Ҷолариеи Гәыли Кьычԥҳаи.

Sputnik

Апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа диит 1952 шықәса ажьырныҳәа 19 рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Лқыҭа гәакьаҿ абжьаратә школ даналга ашьҭахь Лиолиа, 1969 шықәса рзы аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзы Аҟәатәи абиуро аҿы еиҿкааз акурсқәа рҟны аҵара дахысуеит. 1970 шықәса рзы Аҟәатәи  аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт агеографиа афакультет дҭалоит.

© Foto / из архива семьи Лели ТванбаБаграт Шьынқәба, Џьума Аҳәба, Иван Папасқьыр, Лиолиа Тәанба ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рԥылараан
Аиааира агимн аԥызҵаз: Лиолиа Тәанԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба, Џьума Аҳәба, Иван Папасқьыр, Лиолиа Тәанба ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рԥылараан

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор  Борис Ҷолариеи Лиолиа Тәанԥҳаи курск аҟны аҵара еицырҵон. Иара ԥхарра дула игәалаиршәоит имшира аҽны ихьӡала Лиолиа ашьха Чегет дышхалаз.

"Сара лассы-лассы исгәалашәалоит сыстудент ԥсҭазаара. Ҳара усҟан Нхыҵ Кавказ, Черқьесск ақалақь аҟны астуденттә практика ҳахысуан. Цәыббра 20, сымшира аҽны ҳара ашьха Чегет ақәцәахь ҳхалеит. Аԥхьа аканатмҩала ҳхалон, нас шьапыла. Аӡӷабцәа рҟынтәи 4011 метра дахысны ашьха ақәцәахь ахалара зылшаз Лиолиа заҵәык лоуп. Ауаххьаан Лиолиа иазгәалҭеит "ашьха схалара ззыскыз Борис Ҷолариа имшира ауп" ҳәа. Убри ашәымҭак азы насыԥ сыманы схы збеит. Аиҩызара иаҵанакуазгьы иныҭкааны издырит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҷолариа.

© Foto / из архива семьи ТванбаБаслахәтәи абжьаратә школ ашҭаҟны Лиолиа Тәанба аҵла еиҭалҳауеит. Март.1988 шықәсазы.
Аиааира агимн аԥызҵаз: Лиолиа Тәанԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Баслахәтәи абжьаратә школ ашҭаҟны Лиолиа Тәанба аҵла еиҭалҳауеит. Март.1988 шықәсазы.

Иара иажәақәа рыла Лиолиа лҩызара, лыцныҟәара, лыццәажәара гәахәаран иунаҭоз.

Аиҿкаара "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахантәаҩы Гәли Кьычԥҳа Лиолиа аус лыцылуан Дырмит Гәлиа Иҩны-музеи аҟны.

© Foto / из архива семьи ТванбаГәли Кьычԥҳа Лиолиа аус лыцылуан Дырмит Гәлиа Иҩны-музеи аҟны
Аиааира агимн аԥызҵаз: Лиолиа Тәанԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Гәли Кьычԥҳа Лиолиа аус лыцылуан Дырмит Гәлиа Иҩны-музеи аҟны

"Амузеи ахь усураҳәа иааиуаз зегь ззеиԥшыз ракәмызт. Лиолиа арахь усураҳәа даннеиз лажәеинраалақәа рыла деицырдыруа дҟалахьан. Усзуҩык иҳасабала даара аҭакԥхықәра иаҵагылоз уаҩын, деилыҷҷан, деиҿкаан", — лҳәоит Гәли.

Гәыли иазгәалҭоит Лиолиа лпоезиа акыр ишылзааигәоу. Бзиа илбо ажәеинраалақәа ишреиуоу "Сшьауардынқәа", "Март мза ҵэыуоит". 

"Сара сзы акраҵанакуеит сԥа, Арзамеҭ Ҭарба изкны илҩыз ажәеинраала. Кәасҭа Ченгьелиа амузыка ианиҵаз лажәеинраала ссир "Аиааира" акәзар, аԥсуа жәлар риааира иагимнны иҟалеит. Иара раԥхьаӡа акәны инагӡан 1992 шықәса жьҭаара 21 рзы, Лиолиа лашьа, Аԥсны Афырхаҵа Завер Тәанба данҭаха ашьҭахь. Ҳаибашьцәа рыԥсадгьыл ахьчарахь инеиуан абри ашәа еицҳәо", — лҳәоит Гәыли.

Лиолиа лажәеинраалақәа ркьыԥхьуан:  "Амцабз", "Алашара", "Апсны Ҟаԥшь". Раԥхьатәи леизга "Ашамҭаз" ҭыҵит 1981 шықәса рзы.

Лиолиа Тәанԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2006 шықәса абҵара 21 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0