Аҟәа афымцалашара шьақәыргылоуп

Аҳҭнықалақь агәаҿы афымцалашара ырцәан афымцастанциа маҷ аҿы иҟалаз авариа иахырҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20– Sputnik. Аҳҭнықалақь агәаҿы афымцалашара ахархәаҩцәа ирзынашьҭуп ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь афымцалашаратә хархәагақәа русбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

Уаанӡа иара адырра ҟаиҵахьан ажьырныҳәа 19 ауха акабельқәа аԥхасҭа шроуз, уи иахҟьаны адепо араион аҟны астанциа маҷ аусура аанкылан.

Шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, аха нас еиҭах еиҭашьақәҟьеит.

СУЕС аусзуҩца аремонт усурақәа мҩаԥганы ауааԥсыра рахь афымцалашара неиуа иҟарҵеит.