"Сербтәи ареспубликаҿы ҳаҟазаара иалагӡаны ҳрылаҳәын ҩ-ныҳәак: ажьырныҳәа 9 рзы имҩаԥысуаз Ареспублика Ахьыԥшымра амш, "Аиааира ахылҵшьҭрақәа" ҳәа захьӡыз, Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иалахәыз аҳәынҭқаррақәа рҟынтә ахаҭарнакцәа злыхәыз аконференциа. Ҳрылацәажәеит Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵреи, иахьатәи аамҭазы ицо аҭоурых аицакра зыхҟьои. Адунеи аҿы аурысқәа рыда аиааира зегьы иргеит ҳәа ауп ишырыԥхьаӡо, ишырҳәо, абри шыриашатәу, адгылара шаҭатәу, аҭоурых ишиашоу ицаратәы иҟаҵатәу ҳазааҭгылеит. Иахабалак ус ауп ишыҟоу, аибашьра ашьҭахь аиааира зтәым аиааира идҵан ицәажәоит. Иара убас, ҳазааҭгылеит доусы дахьынхо аветеранцәа хныҟәгашьас ирымоуи, аҳәынҭқарра иҟанаҵо ацхыраареи ртәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Нанба: асербцәа-аветеранцәа реиԥш ҳаргьы ҳаӡәыкны ҳаҟазарц сҭахуп
"Аиааира адаҟьақәа": аибашьра агәалашәаразы апроект ҿыц хацыркхоит