"Аиааира адаҟьақәа": аибашьра агәалашәаразы апроект ҿыц хацыркхоит

© Sputnik / Олег Макаров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото
Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аидеиа автор Кирилл Карнович-Валуа еиҭеиҳәеит аҭоурых аҿар ирхамшҭырц азы шакәу изалху ҳаамҭазтәи иуниверсалтәу ацифратә ҟазара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. RT апроект #Страницы Победы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҭоурых еиҭанаҳәараны иҟоуп иҿыцу амедиеи digital art рыла.

75 шықәса рышьҭахь итрагедиатәу адаҟьақәа иуникалу аконтент змоу аплотформақәа хәба рҿы еиҭаҳәахоит.

"Ҳара иҳаӡбеит аиааира 75-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы ҳаамҭазтәи амедиа бызшәала аҭоурых еиҭаҳҳәарц. #Страницы Победы ― ари ауаа рҭоурых ауп, ари апроект авторцәа рхы-рыԥсы ацырҵеит", - иҳәеит аидеиа автор Карнович-Валуа.

Аҭоурыхқәа еиҭаҳәахоит аплатформақәа: Twitter, Instagram, Facebook, "ВКонтакте", YouTube рҟны.

Twitter аҿы "иҟаҵәҟьоу аамҭала" идырбахоит 1945 шықәса аҵыхәтәантәи амзақәа.

#ПисьмаПобеды Instagram аҟны шәкыла аибашьра аамҭантәи асалам шәҟәқәа еизыргоит. РАНХиГС адизаин ашколи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа Михаил Соркини Петр Банко аиллиустрациақәа азыҟарҵеит абри "Инымҵәаӡо асалам шәҟәы".

digital art аусхк аҟны аус зуа асахьаҭыхыҩцәа Facebook аҿы VR, 3D рыцхыраарала усҟантәи аамҭа иаҵанакуа аплакатқәеи асахьақәеи ҭырхуеит.

Анна Федорова ВКонтакте аҿы асасцәа дрыҿцәажәоит Аибашьра дуӡӡа аӡбахә ала. Амузыкант Максим Макарычев амузыкатә мҩаԥгара азирхиоит (On-The-Go, Sirotkin).

Адокументалтә фильм "Азбука Победы: От Бреста до Рейхстага" 1945 шықәсазы ҳар рышьҭра иахысуеит. Уи абара алшоит YouTube аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0