"Нарҭ" азыҟаҵаҩ хада аҿар еиҳа дрықәгәыӷуеит

Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" азыҟаҵаҩ хадас Али Аншба дҟарҵеит ҳәа арбоуп Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ФБ асаит аҟны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" азыҟаҵаҩ хадас Али Аншба аҿар еиҳа аԥыжәара риҭалоит. Абри атәы иара ихаҭа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит.

"Раԥхьа иргыланы иҭҵаатәуп аԥеиԥш зманы иҟоу ахәмарыҩцәа ахьыхәмаруа акомандақәа. Стактикатә система абри инақәыршәаны имҩаԥызгалоит. Иахьа раԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит. Еилҳаргоит дасу дызнаало. Ахәмарыҩцәа ҳзымхар, атрансфер мҩаԥаагап", - иҳәеит Аншба.

"Нарҭ" 2018 шықәсазы ашьапылампыл асраз иреиӷьу командоуп

Али Аншба иҳәеит азыҟаҵаҩ иԥышәа шимоу. Ашьапылампылтә клуб "Абазг" азыҟаҵаҩ хадас дыҟан, Ҭырқәтәылатәи ашьапылампылтә клубқәа рҟны анапхгаратә ҭыԥқәа ааникылон.

Али Аншба диит абҵара 14 1976 рзы Ҭырқәтәыла. Еиуеиԥшым апрофессионалтә клубқәа рҿы дыхәмаруан.

2001 шықәса рзы Киутахиа ақалақь аҿы Ауниверситет Думлупынар далгеит ашьапылампыл азыҟаҵаҩ изанааҭ иманы. Акатегориа UEFA "B" иаҵанакуа зыҟаҵаҩуп.

2002 - 2007 шш. рзы – Сҭампыл ақалақь аҿы ақәыԥшцәа ркоманда азыҟаҵаҩ. 2007 шықәса рзы Аԥсныҟа нхараҳәа дааит.

2009 - 2014 шш. рзы - акоманда "Абазг"- АГУ азыҟаҵаҩ хада. 2010 шықәса рзы иреиӷьу азыҟаҵаҩ ҳәа далкаан.