Урыстәылатәи аруаа Анцәа иашьапкра ду рҽаладырхәит

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруааи рҭаацәарақәеи арратә база аныхачаԥаҿ Анцәа иашьапкра ду рҽаладырхәит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Анцәа Иӡаахра амшныҳәақәа рзы Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауааи дара рҭаацәарақәеи аӡыԥшьа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.

Аӡаахратә ҽыӡҭшьра мҩаԥысуан арратә еилазаара ахьгылоу аҭыԥ аҿы.

"Аӡәгьы ахьҭа иламларазы, игәабзиара ԥырхага амоуразы ара иҷаԥшьон амедицинатә усзуҩцәа. Аӡы зыҽӡаазшьыз ачаи ршны рырҭон", - азгәаҭоуп апресс-маҵзура адырраҿы.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа рхы рыладырхәит 500-ҩык инарзынаԥшуа аруааи аграждантә уааԥсыреи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: