Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Никита Аӡаахра амшныҳәазы: згәы иаҭаху, иӡаахымзаргьы, аӡы рыҽҭыршьыр ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНикита Адлейба
Никита Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыма ақыҭа иҟоу Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама иахагылоу аиереи Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аҟны иҳәеит ақьырсиан иашахаҵаратә ныҳәарҭаҟны иазгәарҭо Иаса Қьырса Иӡаахра амш азы аӡаҟны рҽыркәабар рылшоит иӡаахымгьы ҳәа.
Аб Никита Аӡаахра амшныҳәазы: згәы иаҭаху дӡаахымзаргьы, аӡы рыҽҭыршьыр ауеит

"Аӡы иӡааху мацара ракәым аныҳәазы аӡы зыҽӡаазшьуа, згәы иаҭаху, зыԥсы иаднакыло зегьы. Ирацәаҩуп иӡаахым иӡааху раасҭа иаҳагьы зхы-зыԥсы раӡаны зхы мҩаԥызго.

Аныҳәарақәа арҭ амшқәа рзы ауахәамақа рҟны имҩаԥысуа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.

Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп", - иҳәеит аб Никита (Адлеиба).

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0