Арадио

Ԥлиа Цанрыԥшьтәи абаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы: ишыҟаз аиԥшҵәҟьа

Цандрыԥшь араион ахада Бадра Ԥлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Ԥлиа Цанрыԥшьтәи абаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы: ишыҟаз аиԥшҵәҟьа

"Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын ԥхынгәымзазы. Ажәытә ахатә еиқәҵара рыцқьан иҟаҳҵеит, ахыбра акәзар, амҿтәы иҟаз зегьы аақәхны ҿыцны ихыбын, уи анаҩс, аԥенџьырқәеи ашәқәеи ҳаԥсахит, нас ашәрақәа ҳрылагеит. Иаанханы иҟоуп елементқәак аколлонақәеи аԥенџьырқәеи рҿы, урҭ рхатә ԥшшәы аҭаны иҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Абаӷәаза ишахәҭоу еиԥш алашарбагақәа рыла ирлашаны, аиаҵәара рҿыцны иҟаҳҵарц ҳагәҭакуп. Аӡынра шааислак аусурақәа нап дҳаркырцоуп, аԥхынра аиаанӡа зегьы шьақәыргылан иҟаҳҵап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Абаӷәаза ргылан 1953 шықәса рзы, иара аҭоурыхтә баҟақәа рахь иаҵанакуеит. Иара ишыҟаз аиԥшҟәҟа еиҭашьақәҳаргыларц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: