Цандрыԥшьтәи авокзал улаҿы иааиуа иҟалеит

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЦандрыԥшьтәи авокзал улаҿы иааиуа иҟалеит
Цандрыԥшьтәи авокзал улаҿы иааиуа иҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшьтәи авокзал адәахьтәи аҿаԥшылара аиҿкааразы аусурақәа реиҳарак хыркәшоуп. Уи амҩаԥысшьа атәы шәаԥхьа Саида Жьиԥҳа лматериал аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Цандрыԥшь аҳабла ахадара аиҳабы Бадра Ԥлиеи, Аԥсны аихамҩа анапхгареи рҳәоуеиқәшәара иабзоураны, аҭыԥантәи авокзал аҿаԥшылара аиҿкааразы аусурақәа рыхәҭак хыркәшоуп.

Аамҭала аҳәынҭқарраҟнытә хылаԥшра ӷәӷәа змаз авокзал 27 шықәса раахыс игәыгәҭажьны иҟан. Аобиект хәҭа-хәҭала ахыбгалара иалагеит.

Цандрыԥшь аҳабла ахадара аиҳабыс Бадра Ԥлиа данахагыла, раԥхьаӡа иргыланы иӡбатәу зҵаараны ишьҭихит авокзал аҭагылазаашьа уашәшәыра.

Дәыӷбала Аԥсныҟа иаауа асасцәа раԥхьа рылаԥш иҵашәо Цандрыԥшьтәи авокзал ауп. Араҟа илбаауа атуристцәагьы маҷҩым. Авокзал аҿаԥшылара баны, аԥсшьарамшқәа згәахшәаны Гаграҟа ицаз, ма игьежьны Урыстәылаҟа ицахьоугьы ҟалахьеит. Убри инамаданы, асасцәа ргәы мцарц азы, иара аилабаара иалагахьаз архитектуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа авокзал ахьчаразы аԥхын аламҭалазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нап дыркхеит.

Аԥсны Аихамҩа анапхгареи Цандрыԥшь аҳабла ахадара аиҳабы Бадра Ԥлиеи иҟарҵаз ацхыраарала, аобиект икыдҷҷаз ашьыхрақәеи, акьыри, ахәаԥеи амхны, шәыга шкәакәала ишәуп. Иԥсахуп 60 метра ауреи 14 метра аҭбаареи змоу ахыб, иқәҵоуп аметаллтә кыц. Ахыб аӷәтәы ашьаҭа еилабаахьан аҟнытә, уигьы ҿыц еибыҭан. Иҿаҵоуп ашәқәа ҩбеи, 25 ԥенџьыри.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАвокзал аиҿкааратә усурақәа баҟак аҳасабала уи аиқәырхара иацхраауеит
Цандрыԥшьтәи авокзал улаҿы иааиуа иҟалеит - Sputnik Аҧсны
Авокзал аиҿкааратә усурақәа баҟак аҳасабала уи аиқәырхара иацхраауеит

 

"Аԥхынтәи аамҭазы, лашарбагала еиқәыршәоу, аԥсышәалеи, урысшәалеи, англыз бызшәалеи "Цандрыԥшь" ҳәа авокзал аҿаԥхьа аҩыра акнаҳареи, аҵакыра аиҿкаареи азԥхьагәаҭаны иҳамоуп.

"Миллионла ахарџь зыхҭынҵатәу акәны иаанхоит авокзал аҩнуҵҟатәи ауадақәа. Арантәи иҩныган 20 машьына ду агәамсам. Акапиталтә-ремонттә усурақәа рымҩаԥгареи ишахәҭоу еиԥш аиқәыршәареи ракәзар, уигьы хәҭа-хәҭала Гагра араион Ахадареи Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ҳацырхрааны амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Бадра Ԥлиа.

Арҭ аиҿкааратә усурақәа авокзал архитектуратә ҿаԥшылара зынӡа ԥырхага анамҭеит, уимоу, баҟак аҳасабала еиқәнархеит.

Цандрыԥшьтәи авокзал аиҭашьақәыргылара ныҳәа дук ирзаҩызахеит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Араҟа иҳақәшәаз аӡәырҩы еицҿакны иазгәарҭеит шықәсык аԥхьа аҳабла иахагылаз Бадра Ԥлиа илшаз шырацәоу ауаажәлар рыбзазара аиӷьтәраҿы. Убас дара ирҳәеит рымч зықәхо аусқәа рынагӡараҿы ивагыларц шырҭаху.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАҭыԥантәи ауааԥсыра рҳабла аиҳабыра ирывагыланы ирыцхрааларц агәаҳәара рымоуп
Цандрыԥшьтәи авокзал улаҿы иааиуа иҟалеит - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥантәи ауааԥсыра рҳабла аиҳабыра ирывагыланы ирыцхрааларц агәаҳәара рымоуп

 

"Иҳалшо аҿы мап ицәаҳкрангьы ҳаҟам. Есыҽны Гагрантәи дааны, аҳабла злеиҿыскаари, аҭыԥантәи анхацәа сышԥарыцхраари ҳәа дышхәыцуа ҳбеит. Ҳара ҳадагьы, сынтәа иаҳҭааз асасцәагьы игәарҭеит аиҭакрақәа шыҟалаз. Авокзал акәзар, уи акыр шықәса ҳгәы иҵхон. Уажәшьҭа ԥхасҭак ахьыр ҳәа ҳшәаны ҳахӡыӡаауа ҳалагеит", - ҳәа наҵишьит аҭыԥантәи анхаҩы Рафик Галустиан.

Цандрыԥшьтәи авокзал Аԥсны архитектуратә баҟақәа рахь иаҵанакуеит. Иҟоу адыррала, Сталинтәи ампир астиль ала иргылоуп. Ҩ-еихагылак змоу адәыӷбаанҿасырҭа ахархәарахь ианнеи, "Пиленково" ҳәа иахьӡын, анаҩс 1949 шықәсазы иԥсахын аҳабла иахьӡхаз "Гантиади" ала. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь авокзали аҳаблеи Цандрыԥшь ҳәа иҟалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0