Аҟәа ақалақь аҿы ахатәы ҩны амца акит

Амцарцәаҩцәа аамҭа мгакәа ирылдыршеит амца ааигәа-сигәа игылаз ахыбрақәа рахь анамышьҭра.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 -Sputnik. Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ зху ахатәы ҩнаҿы амцакра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Амцакра шыҟалаз ахь АҶА ахь аҭел иасын асааҭ 11:25 рзы. Амцарцәаҩцәа аннеи ахыб былхьан.

Амцарцәара иалахәын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба. Аҭуан шеибакәыз иблит, аӡәгьы ааха имоуит.

Заанаҵтәи адыррала амцакра зыхҟьаз афымцамҩангагақәа реиқәымшәара ауп.