Москва-Аҟәа ирыбжьоу адәыӷба аамҭеихша ԥсахуп

Москва-Аҟәа ирыбжьоу адәыӷба Тҟәаԥстәи атоннель аремонт азура инадҳәаланы аныҟәара аамҭеихша ԥсахуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Москва-Аҟәа ирыбжьоу адәыӷба аныҟәара аамҭеихша ԥсахуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аԥсныеихамҩа" анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Игор Марганиа.

"Ажьырныҳәа 16 инаркны адәыӷба Москва-Аҟәа Аԥсны аҳҭнықалақь ахь иааилоит асааҭ 15:00 рзы, идәықәлалоит асааҭ 19:43 рзы. Абасала Москва-Аҟәа ирыбжьоу адәыӷба Тҟәаԥстәи атоннель аремонт азура инадҳәаланы аныҟәара аамҭеихша ԥсахуп", - иҳәоит иара.

Ажәытә график ала иара арахь иааиуан асааҭ 11.00 рзы, иқәҵуан асааҭ 15.00 рзы.

Адәыӷба Краснодар ала акәымкәа Белореченск ала иаалоит ҳәа иҳәеит иара.

Адәыӷба аныҟәара ҿыц шыҟоу иаанхоит 2020 шықәса мшаԥы 28 рҟынӡа.