АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Кан Кәарҷиа иусураҿы зықалақь азы згәы былуа аҿар реидкылара дшалагаз атәы иҳәеит Sputnik Аԥсны акорреспондент аинтервиу анлиҭоз.
"Ауаа сыԥсахуеит ҳәа аҳәаҭыхла срыламлеит. Иҟоуп ҳәарада аус наҟ-наҟ изцызур сылшоз ауаа. Раԥхьатәи ҳаиқәшәарақәа исдырбеит ауаа рус разыҟазаашьа. Еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбраҟны исывамгылоны избаз сыԥсахит акреативра злоу аҿар рыла. Аҿар еснагь ахаарԥшра бзиа ирбоит, аԥшьгамҭақәа рымоуп. Иҳалшахьоу аиҭакрақәа иаразнакы ирылдыршеит ақалақьуаа урҭ рбаратәы, ираҳаратәы иҟалартә", - иҳәеит Кәарҷиа.
Жьҭаара 21 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа Кан Кәарҷиа инаигӡаларц азы.
Ажьырныҳәа 22 рзы иҵит 100-мш Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ахадак иҳасаб ала аколлектив дыддырдырижьҭеи.
Кан Кәарҷиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз инеиҵыху аинтервиу шәаԥхьар ҟалоит абри азхьарԥш ала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит
Ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аҳҭнықалақь ахаҿра еиҭеикуеит