Урыстәылатәи аԥшыхәцәа аротатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аицҽазыҟаҵарақәа ирылагаанӡа аԥшыхәратә ротақәа рлахәылацәа аӡәаӡәалатәи аҽазыҟаҵарақәа ирхысит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал арратә дәаҿы мызктәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Азыҟаҵаратә усмҩаԥгатә ахь 500-ҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи 50 цыра инарзынаԥшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыԥхьалоуп. Иаагозар, акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы ԥшыхәратә машьына "Дозор", акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, "Мустанг".

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҿы. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан, ахархәара роуит арратә машьынақәа БТР-82АМ, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", ахыԥсаҟьагақәа "Печенег", автоматқәа АК-74, иара убас, 250 напылатә гранатақәа. Аҽазыҟаҵарақәа раан иара убасгьы аԥшыхәра атехникатә хархәагақәа – аԥшыхәратә станциа СБР-5, алазертә приборқәа ЛПР-2, анавигациатә система "Глонасс" рхархәашьа рҵон.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиԥшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳауеит. Напхгара рырҭоит аԥышәа змоу арратә инструкторцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: