"Аинвестпрограмма асиа ҳахәаԥшуазар, еиҳарак амҩадуқәа роуп иануп, Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа, Аҟәа, Гәдоуҭа, Тҟәарчал уҳәа араионқәа рҿы. Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа иарбоуп аӡымҩангагақәеи аӡыцрыҵтә цәаҳәақәеи рыԥсахра Гәлиа, Џьонуа, Абазаа амҩадуқәа рҿы, аусурақәа рышьҭахь акаҭран ақәҵарагьы азгәаҭоуп. Гәымаа рымҩагьы 2020 шықәса рзы акаҭран ақәҵара аус ахыркәшарахь инеироуп, иара убас Баслаҭа, Адам Хуааде имҩа уҳәа амҩақәа рзы 30 миллион мааҭ азгәаҭоуп. Очамчыра араион 85 миллион мааҭ, Тҟәарчал амҩақәа рзы иазгәаҭоуп 85 миллион, Гәдоуҭа 255 миллион, Гәылрыԥшь 240 миллион. Ари амҩақәа рганахьала мацара ауп. Аҟәа ақалақьи араиони ракәзар, 330 миллион азгәаҭоуп аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рыҟаҵаразы. Аҟәа инаркны Очамчыранӡа амҩаду арлашаразы аинвестпрограммаҿы 80 миллион арбоуп аусурақәа актәи аетап амҩаԥгаразы. Аҩбатәи аетап иааиуа аинвестпрограммахь иацаҳҵарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Агрба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аиҳабырабжьаратә комиссиа 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма шьақәнарӷәӷәеит
Чеботариов: Аинвестпрограмма ҿыц шә-обиектк инареиҳаны иалоуп