"Ҳазҭоу амзазы Аҟәа ақалақьи араиони рҟны 19-нтә амцакра аҭыԥ аман ҳәа адырра ҳауит. Урҭ рахьынтә ахҭысқәа жәба афымцацәаҳәақәа ирыхҟьаз ауп, хыҩнык аԥырхага ӷәӷәа роуит. Аӡынра ҳауаажәлар реиҳараҩык афымцарԥхагақәа роуп рхы иадырхәо, афымцацәаҳәақәа ажәызар, арԥхагақәа хылаԥшрада ианаанхо амцакра ҟалоит. Абылра иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауаҩы ҳара ҳҟны днеиуеит, ашәҟәы иаҳҭоит. Ҳара аҵыхәанӡа иҳазҳәаӡом амцакра зыхҟьаз, избанзар уи шьақәзыргыло алабораториа ҳамаӡам. Аматериал еизаҳго азы ҳгәаанагара анҵаны ауаҩы иаҳҭоит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иара иазгәеиҭеит амцарцәаҩцәа иахәҭоу маҭәарла ишеиқәшәоу, иара убас амцарцәага амашьынақәа ӡыда абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит ҳәа цәажәарақәак асоциалтә ҳаҟаны аҭыԥ рымазаргьы, аиаша ишацәыхароу.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аршба: абылраҽацәыхьчара аԥҟара еилазго агәаҽанызаара анаҩс ахараԥса ршәароуп
Гындиа: абылрақәа еиҳарак изыхҟьо афымца цәаҳәақәа ироуа ақәыӷәӷәароуп