Шәача амшцәгьа иазыԥшуп

Аԥсуа метеорологцәа разыԥхьагәаҭарақәа рыла ареспубликаҿы мышцәгьа бааԥсык ҟалом, ҭыԥқәак рҿы асы леир шалшогьы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Асиноптикцәа Шәача ауааԥсыреи асасцәеи ажьырныҳәа 23 рзы ақәаршҩи ақәабаа-сабааи леиуеит ҳәа адырра рырҭоит. Магри - Веселое аҭыԥ аҿы амшынгә иазынарханы аԥшатлақә аҭыԥ аиур ҟалоит.

Амшцәгьа инадҳәаланы Шәача ауааԥсыра ргәы рҽанызарц рылаҳәоуп

"Ашәыб афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәар алшоит. Секундк ала 20 метра инеиуа аԥша ҟалар ауеит", - аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы.

Акурорт аоперативтә ҟәшақәа зегьы азыхиара ҳаракы рымоуп. Аҳәара ҟарҵоит автомашьынақәа рыла шамахамзар ақалақь иаламларц, атехника ҷыда аныҟәара иаԥырхаганы атранспорт дмыргылаларц.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭусбарҭа Sputnik адырра шарҭахьаз аиԥш ажьырныҳәа 23 рзы ақәа леиуеит, аамҭа – аамҭала аҽарӷәӷәоит. Ҭыԥқәак рҟны ақәеи аси еицлеиуеит.