АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Амҩатә усзуҩцәа иахьшәарҭоу аҭыԥқәа аԥслымӡ ықәрыԥсоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныавтомҩа" адиректор Борис Ачба.
Зынӡа ареспубликатә трассаҿы ишәарҭоу аҭыԥқәа хԥа ыҟоуп – Ешыра, Калдахәара, Гагратәи ахыкәшаратә мҩа. Ашьыжь, ажьырныҳәа 24 инаркны амҩатә усзуҩцәа атехника ҷыдала аԥслымӡ ықәрыԥсеит арҭ аҭыԥқәа рҟны.
"Аҳауагәаҭаҩцәеи ҳареи ҳаимадоуп. Ашықәс ҿыц аԥхьагьы аматериал ҳархиахьан. Иахьа ҳусзуҩцәа Гәымсҭатәи ацҳаи "Анхәа лыбз" ҳәа иахьашьҭои аус руит. Аусурақәа цон Калдахәара иахьаҵанакуагьы", - иҳәоит Ачба.
"Аԥсныавтомҩа" аҟны ахьҭақәа ирзыхиоуп. Борис Ачба иажәақәа рыла, аҵаа ӷьеҩхар, аԥслымӡ ада аџьыкахышгьы ақәыԥсара иалагоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аӡын шӡыну имҩасыр аԥсабара ахаҭагьы иаҭахуп, ма аԥсуаа асы анауа злардыруа
Ахԥҳа еиҭалҳәеит аԥшаҳәа иахьаду аҵаақәа ианырзыԥшу атәы