Арадио

Гогьиаԥҳа: аҟазара иалнаршоит ахәыҷы идунеихәаԥшышьа арбеиара

Ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аҿы имҩаԥысит астудиа "Мухус" ааӡамҭацәа рҟазара ахьаадырԥшыз рҭыхымҭақәа рцәыргакәҵа. Уи шалыршахаз, насгьы астудиа аԥҵара ахықәкы хада атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит арҵаҩы Мактина Гогьиаԥҳа.
Sputnik
Гогьиаԥҳа: аҟазара иалнаршоит ахәыҷы идунеихәаԥшышьа арбеиара

"Ҳааӡамҭацәа иреиуоуп хәышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, иҟоуп аҭаацәа, зхәыҷқәа аус рыдызуло, акалам акышьа здыруа, аиҳабы ииҳәо заҳауа, ихәыцуа, злеишәа ҭышәынтәалоу. Абарҭ рҩызцәа ҳзааргеит, иҳаҳәеит иҳадаҳкыларц. Аиаша ҳәатәуп, убас еиԥш алҵшәақәа ҳауит, ҳхаҭа арҵаҩцәа иааџьаҳшьартә еиԥш. Ахәыҷы инапы злаку аинтерес аник нахыс, уи ҳусурагьы иаршаҳаҭит, арҵаҩы идгыло дихашҭуеит. Уи дазнеирц азы ахәыҷы ацхыраара иҭара ауп иаҳҭаху. Уажәы ирацәоуп ахәыҷы илоу абаҩхатәра аилкааразы аметодикақәа, урҭ рахьынтә иаҳа иаҳнаало алҳаԥшааит, иаҳшәеит, иаҳраӡеит, усҟан ауп астудиагьы аусура ианалаҳарга. Ахәыҷы илоу аҟыбаҩ ҷыда аарԥшра, уи идунеихәаԥшышьа арбеиара ҳхықәкқәа иреиоуп", – ҳәа еиҭалҳәеит Гогьиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.