АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо, далацәажәеит Аҟәатәи аџьармыкьа акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
"Аџьармыкьа акәша-мыкәша иҳалшоз ҟаҳҵеит, аха ҳажәлар азакәан ақәныҟәара макьаназы ирзымҵац. Иашала иуҳәозар, уи рыцҳароуп. Азакәан зегьы ирзеиԥшны иҟазароуп. Ауаа ираҳҳәоит: ахшлыхи акәацлыхи адәаҿы, амҩа ианыргыланы рыҭира ҟалом ҳәа. Ирзеилкаауам, ма еилыркаарц рҭахым. Ари антисанитариоуп. Ахдырра умамзар, абасоуп ишыҟало. Ахдырра адагьы, ухгьы пату ақәуҵозароуп. Ухы пату анақәумҵа, иувагылоугьы пату иқәуҵом", - иҳәоит Кан Кәарҷиа.
Ақалақь ахада иҳәеит зегь аамҭак-аамҭак шрымоу. Ахәаахәҭыҩцәа азакәан ацныҟәара шаҭаху анырзеилымкаа, даҽакала ирацәажәатәхоит ҳәа азгәеиҭеит.
Жьҭаара 21 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа Кан Кәарҷиа инаигӡаларц азы.
Ажьырныҳәа 22 рзы иҵит 100-мш Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ахадак иҳасаб ала аколлектив дыддырдырижьҭеи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа рыԥсахразы: аҳәаҭыхла срыламлеит
Ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аҳҭнықалақь ахаҿра еиҭеикуеит