Арадио

Сабуа ақәыргыламҭа "Ала агәы зызҭоу" азы: актиорцәа рџьабаа башахом

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр аҟны ақәыргыламҭа "Ала агәы зызҭоу" аԥхьарбара шымҩаԥысыз еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны арежиссиор-ақәыргылаҩ Роман Сабуа.
Sputnik
Сабуа ақәыргыламҭа "Ала агәы зызҭоу" азы: актиорцәа рџьабаа башахом

"Михаил Булгаков иҩымҭа "Ала агәы зызҭоу" иалхны афильмқәа, аспектакльқәа ыҟоуп. Уи атема иаҿырԥшны иҟаҵоуп ҳақәыргыламҭа. Иара аҩымҭа хәыҷык сацәхьаҵзаргьы, ҳҭагылазаашьа иазааигәастәыр сҭахын… Ҳазлоу ауаа ирыгу-ирыбзоу, ҳаԥсҭазаашьа, иаҳгәамԥхо уҳәа убарҭқәа рахь ауп иаҳа иахьхысуа ари акомедиа лакәшәа иҟоу", - иҳәеит Сабуа.

Иара иазгәеиҭеит ақәыргыламҭа ҿыц иахәаԥшырц инеиз рхыԥхьаӡара ҩажәаҩык раҟара инаӡон ҳәа.

"Ахәаԥшцәа рааԥхьара аиҿкаара агын. Актиорцәа рус бзианы инарыгӡеит, агәра згоит уи анаҩсгьы ишазҳауа, ахәаԥшцәа рылаҿы инеиуа, иргәаԥхартә ишыҟало. Рџьабаа башамхеит ҳәа сыԥхьаӡоит", - иҳәеит Сабуа.

Ақәыргыламҭа "Ала агәы зызҭоу" Тҟәарчалтәи атеатр актиорцәа ҩаԥхьа ахәаԥшцәа иддырбараны иҟоуп ажьырныҳәа 31 рзы.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.