Арадио

Шамба: Аԥсны аԥсыӡ зкуа аӷбақәа уи анҭыҵ иргаӡом

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Мсаусҭ Шамба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит акамшьиа акра аамҭазы Аԥсныҟа ԥсыӡкра иаарго аӷбақәа ргәаҭарақәа шымҩаԥысуа.
Sputnik
Шамба: Аԥсны аԥсыӡ зкуа аӷбақәа уи анҭыҵ иргаӡом

"Аӷбақәа зегьы иркуа аԥсыӡ Ҭырқәтәыла аума, даҽа ҳәынҭқаррак ахь аума иргаратәы аҭагылазаашьа рымаӡам зынӡа. Иахьа иркуа аԥсыӡ азауадқәа рҟны инаганы ахәшеи ашылеи алырхуеит, убри хылаԥшра аҳҭоит. Аӷбақәа гәарҭоит асқьалақәа рҟны аҳәынҭқарратә комиссиа иалоу аҳәаахьчаҩцәа, аветеринартә маҵзура аусзуҩцәа, аекологцәа, аҳазалхыҩцәа. Аӷбақәа Аԥсныҟа ианаауеи ианцои ргәаҭара мҩаԥысуеит", - иҳәеит Шамба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеицыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.