Арадио

Сабуа Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр азы: ихәыларԥстәым

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр арежиссиор-ақәыргылаҩ Роман Сабуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит избан ари атеатр аԥсы ҭазар ахәҭаны изиԥхьаӡо.
Sputnik
Сабуа Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр азы: ихәыларԥстәым

"Атеатр аҿы зегьы ирыцку хыԥхьаӡарала актиорцәа ҟалароуп, иҵегьы инеиҵыху, инарҭбаау ахаҿсахьақәа змоу аусумҭақәа рықәыргыларазы. Актиорцәа ааԥхьатәуп, Аҟәантә иаауа ҟалап ҳәа агәыӷра сымоуп, амала уи азы аиҳабыра рҟынтә азин ҳауртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳарҭароуп, финансла аԥхьа инаргыланы, аштатқәа рхыԥхьаӡара аизырҳаралара, актиорцәа аангылартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵаразы. Уи адагьы, ҩнуҵҟала иҳагу-иҳабзоу гәазҭоугьы даҳҭахуп. 100 нызқь мааҭ рыла аспектакль аилаҳәара даара иуадаҩу усуп. Еиҟәырҷҷаны, ҳжьы иамаҳхуашәа иҟаҳҵоит, амаҷ иахҟьаны. Сара агәра ганы сыҟоуп, Тҟәарчал атеатр еиқәырхатәны ишыҟоу. Ари ақалақь наҟ-наҟ абӷеиҵыхра зыҭатәу қалақьуп. Ари икаужьуа, ихәылаурԥсыша усӡам. Ари атеатр ақәыргыламҭақәа Аԥсны зегьы идурбар ауеит, акәырқәа ирықәгылоу атеатр ҳәа азуҳәар ҟалоит, убас алагьы еиҿкаатәуп", – ҳәа еиҭеиҳәеит Сабуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.