Џьынџьалԥҳа: Тҟәарчал ауахәама аргылара шцо убартә еиԥш алшара ҟалоит
© Sputnik
"Жәабран 10-нӡа досу атендер ихы алаирхәыр илшоит, насгьы жәабран 20 рзы Тҟәарчал ақалақь аҟны имҩаԥгахоит агәыҳалаларатә концерт. Усҟан еилкаахоит иарбан фирмоу ауахәама зыргыло. Уи нап шадырклак, ишьақәыргылахоит авидеокамерақәа, ауаа алшара роуеит аргыларатә процесс ахылаԥшра", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ауахәама аргыларазы макьаназы хә-миллион мааҭ шракәу еизгоу, уи азхом, убри аҟынтәи хәҭа-хәҭала аусурақәа еихшахоит.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.