Арадио

Ҷҟониаԥҳа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа русуразы: сынтәатәи аӡын азы ауаа маҷуп

Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рҿы аус зуа Џьулетта Ҷҟониаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит ашықәс ҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа рзы атуристтә обиект иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара шмаҷыз.
Sputnik
Ҷҟониаԥҳа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа русуразы: сынтәатәи аӡын азы ауаа маҷуп

"Ауаа ыҟан, аха ашықәс ҿыц аламҭалаз ауп, амза 1 инаркны 3-нӡа ауаа ҳаман, 200-250-ҩык ҽнак иалагӡаны, анаҩс ауаа маҷхеит. Аӡырԥхақәа рахь иааиуан Кындыӷ зыԥсы зшьоз, нас аекскурсиатә автобусқәа рыла иааргоз аԥсшьаҩцәагьы. Ажьырныҳәа 19 ауха ауаа ҳарзыԥшын, ҳаангылеит, ауаа рымаҵ аура ҳазыхиан, аха аӡәымзарак дыҟамызт, асааҭ хԥа рзы аухагьы ҳгылан ҳааны ҳахәаԥшит, аха уаҩԥсык ихабар ҳамбеит. 19 аҽны акәзар, ауаа ҳаман. Егьырҭ ашықәсқәа раан аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьын сынтәатәи аиҳа, уи аусзуҩцәа зегьы еицгәаҳҭеит, усҟан иаҳа иаҳгәаԥхон", -ҳәа еиҭалҳәеит Ҷҟониаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.