Арадио

Инаԥшьба еиҭеиҳәеит ашәарахжьы гәамҭакәа афара шыҟамло

Ҷлоутәи ашәарыцаҩ Мераб (Коҷа) Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит ашәарахжьы гәамҭакәа агьама шыимбо.
Sputnik
Инаԥшьба еиҭеиҳәеит ашәарахжьы гәамҭакәа афара шыҟамло

"Анкьа уажәеиԥш ачымазарақәа ыҟамызт, аха усҟангьы ԥсыуала игәарҭон ашәарахжьы, ажәҩашәаҟьа ржәуан аџыш алаҵаны, аџыш еиқәаҵәахар акәац ачымазара алан. Ус еиԥш уажәы аҟаҵара иаԥсам, агәраганы иуфартә иҟам, избанзар ачымазарақәа ауаҩы иԥсҭазаара далырхыр ауеит. Сара хаҭала ашәарахжьы гәамҭакәа схаԥыц ақәсаргылом. Аҷкәынцәа еицу анализ ҟамҵакәа агьама ҳбаӡом. Абнаҳәа, амшә, аҳәынаԥ, аашьышь анырфа нахыс ичмазаҩхоит, арҭ абажәқәа дырпыпуеит, аҳәынаԥ ҟаԥшь хәыҷқәа абажәқәа ирылоуп дара зырчмазаҩуа", -иҳәеит Инаԥшьба.

Иара еиҭеиҳәеит ашәарах ажьыхәҭа иарбан агәаҭаразы иршьҭуа, уи архьшәашәага иҭазар  ԥырхага анаҭо ианамҭо.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: